Арадио

Кәакәасқьырԥҳа Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы: бзыԥаа ҳҿахәы зҳәаша иалхра ҳазыхиоуп

Гагра араион, Бзыԥта аҳаблан иҟоу алхырҭатә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Асида Кәакәасқьырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иааиуа амҽыша атәылаҿы имҩаԥгахо Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхра аус иахьынӡазыхиоу атәы.
Sputnik

Аԥсны Алхратә комиссиа хада иҭацәыз адепутаттә ҭыԥқәа рахь ԥхынгәы 12 рзы алхрақәа рымҩаԥгара ҿҳәарас ишьақәнаргылеит.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҿы: Кындыӷтәи, Гәдоуҭатәи, Бзыԥтәи, Оҭҳаратәи. Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 аҟынтә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп: Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи.

Кәакәасқьырԥҳа Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы: бзыԥаа ҳҿахәы зҳәаша иалхра ҳазыхиоуп

"Ажәабатәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы ашәҟәы иҭагалоуп алхыҩцәа 5-нызықьҩык инареиҳаны. Ҳокруг аҿы иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа хәба. Алхыҩцәа рсиақәа зегьы кнаҳауп, ачымазаҩцәа рҟнытә арзаҳалқәа адкылара ҳалагахьеит. Ҳкомиссиа ахадацәа зегьы рҭыԥқәа рҿы иҟоуп. Асабша асиақәа еиҭагәаҭахоит, ари аамҭа иалагӡаны аиҭакрақәа ҟалазар урҭ ашәҟәы иҭаҳгалоит, иара убасгьы ианыхтәу дҟаларгьы уи аусгьы нагӡахоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәакәасқьырԥҳа.

Азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп - уаанӡа депутатцәас иҟаз атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп: Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба; Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи; Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: