Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳараниа ашьхааӡара иазкны

Аусӡбарҭаҿы 30 шықәса инареиҳаны аус зухьоу, иахьа хықәкыла ашьхааӡара знапы алаку Владимир Ҳараниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан аԥсуа шьхақәа иҟарҵо ацха жәытә-натә аахыс ахә ҳаракны изыршьоз.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳараниа ашьхааӡара иазкны

"28 шықәса инасхыҵуаз инаркны ашьхақәа рааӡара салагеит, уи рнапы алакын сара сабшьҭра зегьы. Убри аҟнытә ашьхақәеи сареи ҳаибадырит санмаҷӡаз инаркны. Раԥхьа ҩ-шьхымзыҭрак ҳамҭас исырҭеит, анаҩс аибашьра ҟалаанӡа 80 рҟынӡа иназгахьан", - ҳәа иҳәеит Ҳараниа.

Ашьхааӡаҩ иажәақәа рыл, ацха аҽаҩра бзиа еиҳарак ааԥын ауп ианыҟало, уи ахаҭабзиара аҵиаақәа рышәҭра иахьыԥшуп.

"Мшаԥымза инаркны Аԥсны аҵиаақәа ашәҭра иалагоит, зегь раԥхьа убри аҟнытә ауп иахьынтәирго амати, ирго зеиԥшроу еиԥш ацха ахаҭабзиарагьы убас иҟалоит. Еиҳарак ацха рацәаны иаазго ҳәа иԥхьаӡоуп алакациа, уи анаҩс ацитрустә ҵиаақәа. Абарҭ рыҩбагьы еицышәҭуеит, уаанӡа ашьхақәа маҷк-саҷк ааргозар, арҭ анышәҭлак ихадоу ацха зылҵуагьы дара роуп, ари зегьы лаҵарамзазы, уи ауп ари аамҭазы иҟало ацхагьы маитәи ҳәа изашьҭоу. Уи амзазы ашьхақәа ҩ-уск ирҿуп: акы – ацхеизгара, аҩбатәи – аҿа ахыхны аизырҳара, убасҟан ауп ашьха гылеит анырҳәо", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳараниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: