"300-ҩык инареиҳаны иахьа еиуеиԥшыма амзызқәа ирыхҟьаны Қырҭтәыла иҟоуп. Асааҭ 9 инаркны асааҭ 15:00 рҟынӡа иахьатәи аамҭа иалагӡаны аҳәаа иахысхьеит 70-ҩык инареиҳаны. Урҭ рахьынтә иҟоуп згәамбзиара иахҟьаны ицазгьы, аха ус еиԥш иҟаз хәҩык роуп, аиҳараҩык уахьынтә иаауа Гал иқәынхо, еиуеиԥшым азҵааракәа рыла Қырҭтәыла инанагаз роуп. Уа дыҟан аҵара зҵо, аԥсра иақәшәаз, зҭаацәа збоит ҳәа ицаз уҳәа. Хынтә иаартыз акоридор иабзоураны 1500-ҩык инареиҳаны рыҩнқәа рахь ихынҳәит. Ари аҭагылазаашьа ауааԥсыра гәахәарыла ирыдыркылоит, ҳтәылауаа ринтересқәа рыхьчаразы Аԥсны атәыла анапхгара ари аус анагӡара хымԥадатәны иахәаԥшуеит", – ҳәа азгәеиҭеит Латипов.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны Қырҭтәылеи иареи рҳәааҿы аамҭала акоридор аанартуеит