Арадио

Какәыбаа: араион аҿы аспорттә секциақәа шаҟа ирацәоу аҟара, еиҳагьы еиӷьхоит

Гәылрыԥшь араион аспорткомплекс "Агәыӡера" аиҳабы Мурман Какәыбаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иарбан спортхкқәоу араион аҿы еиҳарак аҿиара змоу, насгьы ахәыҷқәа разыҟаҵаразы лшарақәас иҟоу атәы.
Sputnik
Какәыбаа: араион аҿы аспорттә секциақәа шаҟа ирацәоу аҟара, еиҳагьы еиӷьхоит

"Аспорткомплекс аус ауеит х-спортхкык рыла: ашьапылампыл, акарате, абокс. Ҳахәмарратә зал шьақәҳаргылеижьҭеи еиҭа ҩ-хкык ацаҳҵар ҳҭахуп - анапылампыли, амҵәышәымпыли. Ҳхәыҷқәа аихьӡарақәа рымоуп акарате аҿы, абокс аҿы. Ашьапылампыл акәзар, еиҳа ицәгьоуп, ахәыҷқәа макьана аԥышәа рымам. Рыхә-секциак анаартхалак 150-ҩык, 200-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ҳадаҳкылартә еиԥш алшара ҳауеит. Асекциақәа шаҟа ирацәоу аҟара, ахәыҷқәа рзы еиҳа еиӷьхоит. Аспорткмплекс аҿы рҽазыҟарҵар ауеит 300-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа сааҭ-сааҭла еихшаны. Азыҟаҵаҩцәа рганахьала ҳаиқәшәоуп, ахәыҷқәагьы бзиа ирбоит, рус иазҟазоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какәыбаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: