Ҳапат: анхаҩы иус аҿы аҳәынҭқарра "абык" иаҳасабала ивагылазароуп
© Sputnik
"Акыр шықәса ҳацәцеит ақыҭанхамҩа ишахәҭаз аус адымулакәа, аха абри нахыс агхақәа ҳрызхәыцны, ииашаны амҩа ҳақәлароуп. Уи азы аԥшьгара аҳәынҭқарра ахахьы иагароуп, анхаҩы идгылароуп ианылаиҵо, ианааирыхуа, ианиҭиуа. Аҳәынҭқарра анхаҩы имҩа аанартыроуп зегьынџьара, убри ҟамҵакәа акгьы ҳзырҽеиуам. Аҳәынҭқарра ишахәҭоу ақыҭанхамҩа аусура иадгылароуп, уи иамоуп амч анхаҩы иаалыҵ аӡыргаразы. Анхаҩы идырҵароуп, идырбароуп, аб иеиԥш ивагылазароуп, ауадаҩра ахьиоуа имҩа аанартыроуп. Анхаҩы иус – аарыхроуп, егьырахь зегьы аҳәынҭқарратә программа ҟаҵаны амҩа иқәнаҵароуп атәыла анапхгара", – ҳәа азгәеиҭеит Ҳапат.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: