НАТО аҳаирплан-ԥшыхәыҩцәа Амшын еиқәеи Баренцев имшыни рҵакыраҿы ирбеит

Амшын еиқәа ажәҩан аҿы америкатәи арра-ҳаиртә мчрақәа рҳаирплан-ԥшыхәыҩ Р-8А "Посейдон", RС-135, аԥырҩы дызҭам MQ-9А "Рипер", хаԥыруан, Баренцев имшын аҿы - Норвегиа арра-ҳаиртә мчқәа иртәу аҳаирплан-ԥшыхәыҩ Р-3С "Орион" хаԥыруан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Урыстәыла арратә мчқәа Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа зҽазааигәазтәуаз НАТО аҳаирплан-ԥшыхәыҩцәа Амшын Еиқәеи Баренцов имшыни рҵакыраҿы ирбеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҳауаҿ аҳаирпланқәа рынкыларази рышьақәыргыларази ишьҭыԥрааит Аҩадатәи афлоти Аладатәи арратә округи рҳаирпланқәа.

НАТО аӷбақәа Амшын еиқәа аҵакыра иҭалеит

Урыстәылатәи аҳаирпланқәа акыр набжьаны аҳаирплан-ԥшыхәцәа ирышьҭашәарыцон, урҭ аҳәаа рҽанаҟәырыҭха ирыцрыҵит.

Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа атәым ҳаирпланқәа еиларымгеит, урҭ рынкылараз ишьҭыԥрааз аҳаирпланқәагьы аҳаиртә ҵакыра ахархәараан изықәныҟәо жәларбжьаратәи аԥҟарақәа ирықәныҟәон.

Ԥхынгәы 1 азы Амшын еиқәа афлот иатәу аҳаирплан Су-27 шьҭыԥрааит Америка аҳаирплан-ԥшыхәыҩ аанкыларазы.

Рашәара 26 рзгьы ажәҩанҵакыраҿ игәаҭан америкатәи арратә ҳаирпланқәа, урҭ аҳәааа ҟынӡа инаскьанагеит Амшын Еиқәа амшынтә авиациа аҳаирплан Су-30 .