Арадио

Џьапуа еиҭеиҳәеит археологиахь имоу абзиабара хыҵхырҭас иамоу атәы

Аҵарауаҩ, археолог, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа ԥхынгәы 15 рзы иазгәаиҭоит ииубилеи, иара ихыҵит 65 шықәса. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иара еиҭеиҳәеит археологиа агәыбылра шикыз, насгьы аԥсуаа иреиҳаӡоу шәарҭараны иҳамоу атәы.
Sputnik
Џьапуа еиҭеиҳәеит археологиахь имоу абзиабара хыҵхырҭас иамоу атәы

"Ҷлоу Аимара аҳаблан сахьиз, сахьааӡаз, ҳаҩны аган аҟынҵәҟьа ииасны ицон Аԥсуа баагәара. Ҳхәыҷқәамзи, убра џьит ҳахәмаруан, ҳаҩуан, ҳаԥон, археологиа аганахьалагьы абзиабара сзыркыз убри ауп. Ҳара ажрақәа мҩаԥаагомызт, аха аԥшаахқәа ҳанрықәшәоз ыҟан, уи аҭоурых ауп бзиа исзырбазгьы. Аҩбатәи – аҭоурых ҳазҭоз арҵаҩы Константин Ԥарулуа уи цәгьа ҳгәы азыҟаҵан Аԥсны аҭоурых ҳзеиҭеиҳәон, иара ибзоуроуп аҭоурых ахь исымоу абзиабара ҳәа исыԥхьаӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.

Археолог арадиоефир аҿы иазгәеиҭеит аԥсуаа ҳбызшәа еиуеиԥшым ашықәсқәа рызгьы ауадаҩра ишҭагылаз, аха иахьатәи аамҭа иаҿырԥшны иухәозар, усҟан уи ала ицәажәон ақыҭақәа.

"70-тәи ашықәсқәа рзы ашкол ҳалган аҵара ҳанҭала, Аҟәа ҳанааи, ҳахьнеилакгьы атәым бызшәа ҳаҳауан, сҩызцәеи сареи шәааи-сааи ԥсышәала ада ҳамцәажәап атәымуаа рцас азы ҳәа еибыҳәаны аԥсышәала ҳцәажәауан. Убасҟан саԥхьа иааԥшуа иалагеит абызшәа аҭагылазаашьа, ауадаҩра, аха усҟан ҳқыҭақәа хьчан, иҭәын, уи ҳбызшәа ахьчауан. Иахьа ус еиԥш иҟам. Уахьынтә иалҵны аҿар анаа, ақыҭаҿы иаанхеит абыргцәа. Иахьа абызшәа аҭагылазаашьа аиҳа еиҳау апроблема аибашьра анаҩс иҳамаӡам", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: