Арадио

Ҵәыџьба инапала иргылаз абааш азы: агәра згеит ԥсабарала ахырӷәӷәарҭақәа рыргылара шҳалшо

Гагра араион аҿы инхо Геннади Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит инапала иргылаз абааш атәы.
Sputnik
Ҵәыџьба инапала иргылаз абааш азы: агәра згеит ԥсабарала ахырӷәӷәарҭақәа рыргылара шҳалшо

"Аԥсуаа абаа хырӷәӷәарҭақәа рацәаны иҳамоуп, зны-зынла уаназхәыцуа аԥсуаа абас еиԥш ҳалшарызу ҳәа схы сазҵаауеит. Саналанагала агәра згеит, ҳара цәала-жьыла, ԥсабарала ахырӷәӷәарҭақәа рыргылара шҳалшо, еиҿаҳамкаар адагьы ԥсыхәа шҳамамыз. Ҳаижәлантәқәа Гәбаадәы унаӡаанӡа аҩхаа Ҵәыџьԥсы ҳәа аҭыԥаҿ инхон, анаҩс дара шьхала ихыҵны Ҷлоуҟа нхара иааз роуп, абри зегьы саназхәыц, абаақәа рсахьа маҷны исзеиҿкаар ақалақь азгьы ибзиан, Мамзышьхаҟа ихало аԥсшьаҩцәа аинтерес рзаҵахап ҳәа азгәаҭаны, аԥсуаа аҭоурых иазҿламҳауп ҳәа рҳәап ҳәа сазхәыцны ауп ишыҟасҵаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҵәыџь.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: