Арадио

Ҷанба: атеатр аҿы иагьа еиҿкаара ҟауҵаргьы, арежиссиор иоуп уи ԥхьаҟа изго

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр адиректор инапынҵала Урыстәыла аус зуаз Адгәыр Ақаҩба арежиссиор-ақәыргылаҩ иаҳасаб ала атетар дахыԥхьаӡалоуп. Уи шалыршахаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атеатр аиҳабы Нодар Ҷанба.
Sputnik
Ҷанба: атеатр аҿы иагьа еиҿкаара ҟауҵаргьы, арежиссиор иоуп уи ԥхьаҟа изго

"Ари ҳтыс дууп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аԥсуа режиссиор, жәашықәса аурыс театрқәа рҿы аус зуаз, аспектакльқәа ықәзыргылоз, аԥышәа дуӡӡа змоу, Аԥсныҟа ихынҳәра — акырӡа злоу хҭысны сахәаԥшуеит. Аҟазацәа ҳхыԥхьаӡара ҳтәылаҿы даара имаҷуп. Ҩышықәса ҵуеит ари аус алацәажәара ҳаҿуижьҭеи иареи сареи. Агәра згоит, атеатр аҟны аспектакль бзиақәа ықәыргылахоит ҳәа. Иагьа атеатр аҟны аиҿкаара бзиа ҟауҵаргьы, раԥхьаӡа арежиссиор иоуп атеатр ԥхьаҟа изго. Апланқәа ҳамоуп, аха зегьы ӡыраҳгаӡом. Даара ибзиоу аспектакльқәа ҳзыԥшуп ҳәа сыԥхьаӡоит", — азгәеиҭеит Ҷанба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: