Арадио

Џьопуа: аԥсуа шьынкеи акарпыжәи амза анҵәамҭаз аџьармыкьахь инаҳгартә иҟалоит

Акарпыжәи ашьынкеи аазрыхуа Ҷлоу ақыҭа анхаҩы Алмас Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иус иацу акәамаҵамақәа ртәы.
Sputnik
Џьопуа: аԥсуа шьынкеи акарпыжәи амза анҵәамҭаз аџьармыкьахь инаҳгартә иҟалоит

"Ҳкарпыжәқәа макьана аџьармыкьахь ицәырҳамгацт, мышқәак агуп. Амза анҵәамҭазы иҟалоит аԥсуа шьынкеи акарпыжәи. Аҽаҩра бзиоуп, ибзиан ҳааиуеит. Ҳкарпыжәқәа еиҳарак аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп иаазхәо, аҳәаа иахыгангьы иаҳҭиӡом. Дара бзиахарц азы ҷыдала акгьы аҳҭом, ауац хәыҷык ада, знык иаҳхәышәтәуеит ауп. Акарпыжә адгьыл ҿыц бзиа иабоит. Сара Елыр ауп иахьсымоу акарпыжәҭра, шықәсык дгьылк аҿы иҟасҵоит, адырҩашықәсан - даҽаџьара, абас ашьынкеи иареи инеивга-ааивго ҳаҿуп. Ашьынка акәзар, иҟаҳҵо аԥсуа шьынкоуп, иаабац, афҩы лаҳалаҳауа, аџьыка нахьшьны ихьшәашәаӡа ирфо. Ашьынка амра бзиа иабоит, насгьы ирааигәан еиҭаҳатәым, абӷьы еилачны ианыҟалалак, ашәшьыра иҵахоит, ус иҟамлароуп. Иӷьычырц инеиуа са дысзынкылом, аӡәгьы дизынкылом, днеиргьы акы-ҩба ракәхап ииго, иифаша, дызбар, "Абзиара узыҟалааит!" ҳәа иасҳоит, агәашә аартны доусышьҭуеит. Ҳаргьы ҳаныхәыҷқәаз ус маӡала амхы ихыхны акәын ишаҳфоз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Анхаҩы иажәақәа рыла, дызҿу аус ахашәала амазарц азы ирацәаны иҟаҵатәуп.

"Акарпыжә Аԥсны иаазхәо дыҟоуп, аха ахә зламаҷу ала хәыҷык ахашәала умазарц, уџьабаа аӡы иамгарц азы, ирацәаны иумазароуп. Заа иззыҟаҵаз 15-20 маааҭ ҳәа иҭиир илшоит, ианасакьаҳәымҭоу 10-мааҭк еиҳаны аҭира цәгьахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: