Адунеи аҿы COVID-19 захьыз рхыԥхьаӡара 14 миллионҩык иреиҳахеит

Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ҳтәылаҿы иахьазы акоронавирус зцәа иалоу ҳәа уаҩ дыҟам. Апандемиа аамҭа ҟалеижьҭеи араҟа иазгәаҭан акоронавирустә хҭысқәа 38.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Адунеи аҿы ашәҟәы иҭагалоу акоронавирус ахьра ахҭысқәа 14 миллион инареиҳахеит, зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара 600-нызқьҩык инархыҳәҳәоит ҳәа аанацҳауеит Џьон Хопкинс ихьӡ зху ауниверситет.

Ауниверситет адыррақәа рыла, ԥхынгәы 18, асааҭ 9 рзы акоронавирус ахьра ахҭысқәа рхыԥхьаӡара 14 107 052 рҟынӡа инаӡеит. Ачымазара амшала рыԥсҭазаара иалҵит 602 657-ҩык. Ргәы бзиахеит 7 894 890-ҩык.

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара хәажәкыра 11 рзы акоронавирустә ҿкы COVID-19 аҵысра пандемиоуп ҳәа рыланаҳәеит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>