Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 940-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

Иахьатәи аамҭа инақәыршәаны Урыстәылатәи арегионқәа 85 рҿы 777 486-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 940-ҩык авирус рыдбалоуп арегионқәа 85 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.

Авирус зыдбалаз рҟынтәи 26,2% аклиникатә ҟазшьақәа рныԥшуамызт.

Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 85-ҩык, ргәы бзиахеит 3 258-ҩык.

Зынӡа атәылаҿы COVID-19 иахҟьаны 12 427 ԥсыҭбара азгәаҭоуп, 553 602-ҩык ргәы бзиахахьеит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ 38 чымазара хҭыс ыҟан, урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.