Ачемпионцәа рҭыԥ: Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база

Sputnik

Аолимпиада-80 иалахәын иналукааша асовет спортсменцәа. Урҭ реиҳараҩык аҽазыҟаҵара иахысуан Аԥсны – Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хадаҿы.

Алада Ешыра иҟаз Асовет Еидгыла Аолимпиатә база хада аргылара рыӡбеит хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы. Усҟан ари аҭыԥ аҿы аеродром ыҟан. Уи нас Бабышьараҟа ииаргеит, ара - 64 гектар иахьрыҵаркуаз аолимпиатә ргылара нап алакын.

Ешыратәи абазаҿ зҽазыҟазҵоз аспортсменцәа иреиуан аԥснытәиқәагьы - Саида Гәынԥҳа, Москватәи Аолимпиадаҟны аҵәы аршәразы араӡны медал занашьахаз, Владимир Дорохов, Олимпиада-80 аҿы СССР анапылампыласыҩцәа ркоманда иалахәны ахьтәы медал згаз, Виктор Санеев – хынтәтәи аолимпиатә чемпион Олимпиада-80 аҿы араӡны медал занашьахаз.

Ешыратәи Аолимпиатә спорттә база аҟазаара ҿахҵәеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан.

Иахьазы аспортбаза еилаԥыхха игылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ачемпион изы "араӡны": Аԥснытәи аспортсмен Аолимпиада-80 аҿы аҩбатәи аҭыԥ шигаз

1 / 10
Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хада.
2 / 10
Аолимпиада-80 иалахәын иналукааша асовет спортсменцәа. Урҭ реиҳараҩык аҽазыҟаҵара иахысуан Аԥсны – Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хадаҿы.
3 / 10
Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хада аргыларазы аӡбра рыдыркылеит хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы. Усҟан ари аҭыԥ аҿы аеродром ыҟан.
4 / 10
Аолмпиатә база аҭӡаҿы иану амозаикатә панно.
5 / 10
Аолимпиатә база иахьа еилаҳаны иҟоуп.
6 / 10
Аолимпиатә база ихадараз аихагылаҿы иҟан акрыфарҭа, асасааирҭатә уадақәа, акинотеатр.
7 / 10
Абри аӡҭарчаҿы рҽазыҟарҵон асовет спортсменцәа.
8 / 10
Ешыратәи Аолимпиатә спорттә база аҟазаара ҿахҵәеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьраан, аиҳарак шьаҭанкыла еилаԥыххаан. Ешера афронт цәаҳәа мҩасуан.

9 / 10
Аолимпиатә база аиҭашьақәыргылара алшар ҟалоит ҳәа агәыӷрақәа ыҟан 2000-тәи ашықәсқәа раан.
10 / 10
СССР аамҭақәа рзы аспорттә инвентарь ԥхасҭа амамкәа иааиуан, аха 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан зегь блит.