Акоронавирус шьақәзыртәо раԥхьатәи урыстәылатәи алаҵа хиоуп

Ԥхынгәы 20 рзы урыстәылатәи алаҵа хатәгәаԥхарала издызкылаз ахәышәтәырҭа илырҩааит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Акоронавирус шьақәзыртәо раԥхьатәи урыстәылатәи алаҵа хиоуп ҳәа иҳәеит агазеҭ "Аргументы и факты" аинтервиу азҭаз Урыстәыла атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Цаликов.

Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 940-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

Алаҵа аклиникатә ԥышәарақәа хыркәшахеит. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, алаҵа аԥышәара алкаақәа иазгәарҭеит иззыҟаҵаз зегьы аиммунитет шроуз.

Сеченов ихьӡ зху  ауниверситет ахәшә аклиникатә ҭҵааразы Ацентр анапхгаҩы Елена Смолиарчук лажәақәа рыла хы-мчыбжьа рышьҭахь, аиммунтә система ареакциа ахы анцәырнагалак ашьҭахь ахьчара наӡа роуеит алаҵа здызкылаз.

Аҟазауаа макьаназ урҭ ироуз аиммунитет ахьынӡаҟало рыздырам. Уи еилкаахоит раԥхьатәи аклиникатә ҭҵаарақәа ирышьҭанеираны иҟоу егьырҭ аҭҵаарақәа анымҩаԥгахалак ашьҭахь.

Ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа жәааҩык, хатәгәаԥхарала  алаҵа здызкылаз, аҳақьымцәа рылаԥш иҵдыршәомызт. Абри аамҭала аӡәгьы еиҭашәара идбаламызт.

Аҭҵаарақәа ишьақәдырӷәӷәар акәын ауаҩԥсы изы алаҵа шәарҭара шалам.

Акоронавирус иазку егьырҭ ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>