COVID-19 аҟынтә аурыс лаҵа аԥышәарақәа хыркәшоуп. Мҽхакыҭбаалатәи аҭыжьра ианбалаго?

Ԥхынгәы 20 рзы урыстәылатәи алаҵа хатәгәаԥхарала издызкылаз ахәышәтәырҭа илырҩааит.
Sputnik

Акоронавирус аҟынтә урыстәылатәи алаҵа ԥызшәоз рыҩныҟа ирышьҭит. Аексперимент хыркәшоуп, аха аҵыхәтәантәи аихшьалақәа рыҟаҵара макьана изаауп. Хатәгәаԥхарала алаҵа ҟазҵаз ҩаԥхьа ааԥхьара рырҭоит акыраамҭа иахьышьҭаз Бурденко ихьӡ зху агоспиталь ахь, аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы. Анаҩс анализ аҭакқәа рышьҭуеит Гамалеиа ихьӡ зху аҭҵааратә центр ахь – уаҟоуп алаҵа аус ахьадырулаз. Убри ашьҭахь ауп Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа ианазыразхо, мамзаргьы ианазыразымхо. Абарҭқәа зегь анбаҟало, алаҵа мҽхакыҭбаала аҭыжьра ианбалаго – аҭакқәа шәоуеит, шәахәаԥш ҳвидео.