Ҭорҭиаԥҳа еиҭалҳәеит Абираҟ амш аҳаҭыр азы Тҟәарчал аицлабра шымҩаԥысуа
© Sputnik
"Ҳазҭоу амза 20 рзы ашьапылымпылтә еиндаҭлара ааҳартит. Уи Аԥсны Абираҟ амш иадаҳҳәалеит, ахәмарра амза 23 рзы ихыркәшахоит. Аицлабрақәа ирылахәуп Тҟәарчал араион ақыҭақәа рҟынтәи жәа-командак. Аицлабра Абираҟ амш иадаҳҳәалеит аҿарацәа апатриотизм рылааӡаразы, ирхамшҭырц абираҟ аҵакы, аҭоурых, иадбалоу аџьабаа", - лҳәеит Ҭорҭиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ари - акоронавирустә пандемиа аахыижьҭеи араион аҟны имҩаԥырго раԥхьатәи шьапылымпылтә еицлаброуп ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: