Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа арҭ амшқәа рзы ашьхааӡаҩцәа идикылеит. Аиԥылараҟны ирылацәажәеит араионқәа рҟны ақыҭанхамҩатә аарыхра аҿиаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара атәы, хаҭала ацха, уи аҭира уҳәа азҵаарақәа.
"Азҵаарақәа рацәоуп ацха иадҳәалоу, аха раԥхьа игылоу уи аҭира иацу ауадаҩра ӷәӷәа ҳамоуп. Иҟоуп ҩышықәса-хышықәса, еиҳаны изхыҵуа ацха тоннала изызгылоу ауаа. Ԥаса аҩхааҟны (Бзыԥтәи – аред.) аус зуаз хәыҷы-хәыҷла иргалон, аха уахьгьы аусура ыҟам, араҟагьы изго уаҩ дыҟам. Сара 14 тонна рҟынӡа ацха сызгылоуп", - иҳәеит Бигәаа.
Иара игәаанагарала ашьхааӡаҩцәа иахьа ирымоу ауадаҩрақәа раӷьырак зыдҳәалоу иԥаршеиу ацха зҭиуа ахьыҟоу ауп.
"Ацха цқьа рҭиӡом, убри аҟынтәи изго уаҳагьы днеиӡом еилаҭәаны ианирҭо. Уи ҳаргьы ҳалаӡуеит. Шықәсқәак раԥхьа 15-17 нызқь мааҭ ҳәа иаҳҭиуан афлиага. Ацха еиуеиԥшым ахкқәа рыхәгьы еиҟарам. Анхаҩы иаалыҵ ахә амаӡам, аринахыс ишыҟало сыздыруам. Ақыҭанхамҩа аминистр ҳахьнеиз ибзианы ҳидикылеит, дҳацәажәеит , агәыӷрақәа ҳаиҭеит. Аҳәынҭқарра иаӡбароуп анхацәа рус, мамзар уажәы ҳашцо ҳцозар, харџьымзар хашәала имоука ашьха аӡәгьы иникылаӡом", - иҳәеит Бигәаа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ацха - зегь реиҳа ихаау ахәшә