"Аӡырҳәыԥныҟәцаҩцәа рыҩны": Галтәи аспортбаза аҭагылазаашьа

Sputnik

Галтәи аспортбаза ргылан 1972 шықәсазы. Арахь шықәсык ахь ԥшьынтә аҽазыҟарақәа рзы иаауан Асовет Еидгыла иаҵанакуаз атәылақәа рҟынтә аспортсменцәа. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟан Европеи, Адунеи, Аолимпиатә хәмаррақәеи рчемпионцәа - Иури Филатов, Галина Крефт, Владимир Парфенович, Виталии и Леониди Ивановаа.

Аобект еилаҳаит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы. Аҭыԥантәи анхацәа, зыҩнқәеи згәарақәеи рыблыз, аспортбаза иатәыз амал еимырҵәеит. Уи аахыижьҭеи аспортбаза гәыгәҭажьны иҟоуп, акәша-мыкәша агәамсам кажьуп, аҵакырадгьыл арахә ҭоуп, амаӷ ахысны иҟоуп.

Аспорткомплекс иаҭынхеит акрыфарҭа, иахьа ахархәара амоуп қьафурҭаҵас, асовет аамҭа рныԥшуеит аҩнымаҭәеи аинтериери.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

1 / 11
Галтәи аспортбазахь аҽазыҟарақәа рзы иаауан Асовет Еидгыла иаҵанакуаз атәылақәа рҟынтә аспортсменцәа. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟан Европеи, Адунеи, Аолимпиатә хәмаррақәеи рчемпионцәа - Иури Филатов, Галина Крефт, Владимир Парфенович, Виталии и Леониди Ивановаа.
2 / 11
Актәи Гал ақыҭаҿы игылоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы еилаҳаз аспортбаза, аҭыԥантәи анхацәа уи амазара еимырҵәеит.
3 / 11
Иахьатәи Актәи Гал збо агәра игашам 27 шықәса раԥхьа ара аԥсҭазаара еилашуан ҳәа.
4 / 11
Акрыфарҭа иахьагьы аус ауеит, амала уажәы ақьафурҭа ахьӡуп.
5 / 11
Асовет аамҭа рныԥшуеит аҩнымаҭәеи аинтериери.

6 / 11
Аспортсменцәеи азыҟаҵаҩцәеи аамҭа анрымаз абилиард ихәмарлон.
7 / 11
Аҭыԥантәи аҿар аспортбаза аҵакырадгьыл лассы-лассы иаҭаауеит.
8 / 11
Аспортсменцәа ррежим ӷәӷәан: ашьыжь асааҭ быжьба рзы игылон, иҩуан, шьыжьхьа ашьҭахь аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Шьыбжьышьҭахь ҩ-сааҭк аԥсшьара рыман, нас еиҭах аҽазыҟаҵарақәа ирылагон.
9 / 11
Аӡҭырчы ааигәа игылаз аҽыкәабарҭақәа.
10 / 11
Абаидаркақәеи аканоеи рыспортхкы азыҟаҵаҩ Виачеслав Миқаа.
11 / 11
Галтәи аӡеизакырҭа ԥсыӡкра ҳәа иаҭаауеит акәымзар, уажәшьҭа аспортсменцәа рхы иыдрхәартә иҟам.