Арадио

Габалиа аилазаара "Ашацкыра апоетцәа" азы: алитература амаҵ азура иазкуп

"Ашацкыра апоетцәа" алитературатә еилазаара еиднакылеит иахьа апоезиеи апрозеи знапы алаку арҿиаҩцәа ҿарацәа быжьҩык, урҭ иреиуоу Дырмит Габалиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аилазаара аԥсҭазаара атәы, уи хықәкыс инанагӡало.
Sputnik
Габалиа аилазаара "Ашацкыра апоетцәа" азы: алитература амаҵ азура иазкуп

"Алитература амаҵ азуразы ара иаҭахуп аусура, уи аџьбаа адбалатәуп, уи ауаҩы дазыҟаҵатәуп, ирҵатәу рацәоуп. Ажәеинраалала аҩышьа ауаҩы иузырҵом, аха алитература амаҵ шазутәу ауаҩы иурҵароуп, уа иҵаҳәатәу рацәоуп. Аҿарацәа срацәажәеит абас еиԥш ҳхы еидаҳкылап, ахыдҵақәа ҳҿаԥхьа иқәҳаргылап, рынагӡара ҳалагап ҳәа. Иахьа ҳара ҳаамҭа иқәнаргыло ахықәкы даҽакуп, уи ахықәкы азнеишьақәагьы амҩагьы даҽакуп, амаругақәагьы даҽакуп, еиҳарак атехникатә ҿиара иҟоу ауп сара сызлацәажәо, убри ҳҳы ақәыршәаны алитератураҿы иҟаҳҵаша рацәоуп, уи аҿы ҳара аҿарацәа иаҳа алшара ҳамоуп ҳәа исыԥхьаӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габалиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: