Сымшира рацәак бзиа избом, уи акәша-мыкәша иҟоу сшьара сықәнырҟьоит ҳәа азгәеиҭеит Наҷҟьебиа, арадиоефир аҿы аиҿцәажәара хацыркуа. Ашәҟәыҩҩы иажәақәа рыла, ашәҟәҩырахь агәаҳәара изҭаз ашәҟәаԥхьара ауп.
"Астрономиа, аматематика бзиа избон, исыцааиуан аҟнытә афизика-математикатә факультет ала аҵара сҭалеит, аха аԥхьара агәыбылра скит ашкол аҿы. Ашәҟәыҩҩы дышәҟәыҩҩны дҟазҵо ашәҟәоуп, аха ацыԥхь ыҟазароуп, ак илазароуп. Ашәҟәқәа ирацәаны срыԥхьахьеит, аха ацәанырра еснагь исыман са стәы аӡәгьы изымҳәацызшәа, сара адунеи шысныруа, ишызбо, ишсыдыскыло… Сара сыҽԥысшәыр акәын са стәы сара исҳәарцаз – аԥхьа ашәҟәҩыра аус убас ауп ишалаго. Аҩбатәи акурс аҿы агәаҳәара соуит уи азы, са стәыцәҟьа аҳәара афизикала ишалымҵуаз еилыскааит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Наҷҟьебиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Наҷҟьебиа: Аԥсны ҳлитературала адунеи иалаурҵәар улшоит