Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь аԥышәарақәа рыҭира арыцхәқәа шьақәыргылоуп

Аԥснытәи абитуриентцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь рыдкылара мҩаԥысуеит адистанциатә формала.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь аԥснытәи абитуриентцәа рзы аԥышәарақәа рыҭира арыцхәқәа шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра Telegram канал аҿы.

Иазгәаҭоуп онлаин семинар амҩаԥгашьа иазку аинструкциақәеи аилыркаарақәеи хара имгакәа икьыԥхьхоит ҳәа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵаарақәа руҭар ҟалоит аҵараиурҭақәа рхаҭарнакцәа.

Аурыс бызшәа, ахимиа, ауаажәларрадырра рзы Урыстәыла аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟоу афинансқәа руниверситет аҿы:

  • Аурыс бызшәа – нанҳәа 1,
  • Ахимиа, ауаажәларрадырра – нанҳәа 1.

Аматематиказы атестқәа мҩаԥгахоит Москватәи афизика-техникатә институт (МФТИ) аҿы:

  • аматематика – нанҳәа 9.

2020 шықәса рзы аԥсуа студентцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы рҵараҵаразы 50 квота рзалхуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы аԥышәарақәа рыҿҳәара нықәырԥшны еилкаауп