Шәача амшцәгьа ӷәӷәа ҟалар ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ыҟоуп

Шәача ақалақь ахада инапынҵала, ақалақь амаҵзурақәа арежим ҷыдахь ииагоуп. Шәача ақалақь асанатор-курорттә наплакқәа рхадацәа, аплиаж ҵакырақәеи атурист маршрутқәеи рхадацәа, ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik. Шәача ақалақь аҿы ирылаҳәоуп ԥхынгәы 27-30 рзы амшцәгьа, аԥшасра, аӡхыҵрақәа ҟалар ҟалоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура. Магри - Веселое иахьаҵанакуа амшын аҿы аԥшеиларҳә ҟалар ауеит, ашьхарахь аҳәынҵәеиларшьшь леир ҟалоит ҳәа аҳәоит ақалақь ахадара адырраҭара.

"Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵоит. Ирабжьыргоит ашьхаҟа ныҟәара имцарц, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц, амашьынақәа аҵлақәеи аихатә конструкциақәеи ирыҵадмыргылаларц", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Шәача ақалақь ахада инапынҵала ақалақь амаҵзурақәа арежим ҷыдахь ииагоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: