Аиӷареи абзиабареи: Аҿартә театр аспектакль "Амра анҭашәалак" аԥхьарбара

Sputnik

Артур Лоурентс ипиеса "Вестсаидтәи аҭоурых" амотивқәа ирылху аспектакль "Амра анҭашәалак" иалахәын ААУ актиортә ҟазара аҟәша аушьҭымҭацәеи астудентцәеи. Дара рзы ари адипломтә усумҭан.

Ароль хадақәа нарыгӡон Лана Гьергьиаԥҳаи Мурҭаз Гогьиеи.

Аспектакль иахьатәи аамҭа иазааигәоуп: аҿар рхымҩаԥгашьа, рцәажәашьа, изчычоу анаркотикатә маҭәашьарқәа уҳәа реиԥш иҟоу апроблемақәа ирызхьарԥшуп.

 

1 / 10
Артур Лоурентс ипиеса "Вестсаидтәи аҭоурых" амотивқәа ирылху аспектакль "Амра анҭашәалак" ахәаԥшцәа идырбан ԥхынгәы 28, 29 рзы.
2 / 10
Аԥхьарбара лаҵарамзазы иҟалар акәын, аха акоронавирус иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа рымшала изалмыршахеит.
3 / 10
"Амра анҭашәалак" иалахәын ААУ актиортә ҟазара аҟәша аушьҭымҭацәа.
4 / 10
Аспектакль "Амра анҭашәалак" арежиссиор-ақәыргылаҩ Есма Џьниаԥҳа
5 / 10
Аспектакль иалахәуп ААУ актиортә ҟазара аҟәша аушьҭымҭацәа. Уи дара рдипломтә усумҭа ауп.
6 / 10
Аспектакль бзиа еибабо ҩыџьа зынио ауадаҩрақәеи ҳаамҭа иашьашәалоу ахҭысқәеи ирызкуп.
7 / 10
Ароль хадақәа нарыгӡеит Лана Гьергьиаԥҳаи Мурҭаз Гогьиеи.
8 / 10
Аемоциеи аибарххареи рацәахеит асценаҿы, еиҿагылеит ҩ-мчык: аиӷареи абзиабареи.
9 / 10
Аспектакль иахьатәи аамҭа иазааигәоуп: аҿар рхымҩаԥгашьа, рцәажәашьа, изчычоу анаркотикатә маҭәашьарқәа уҳәа реиԥш иҟоу апроблемақәа ирызхьарԥшуп.
10 / 10
Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аԥҵан нанҳәа 21, 2014 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала.