Урыстәыла агәыларатә ҳәынҭқаррақәа COVID–19 аҿагылараҟны ишрыцхраауа

Акоронавирус макьана еиқәымтәацт. Урыстәыла аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иаҿуп, аха ааигәатәи ааҳәаанырцә атәылақәа рҭагылазаашьа ахьыуадаҩу ыҟоуп.
Sputnik

Арҭ атәылақәа рахь Урыстәыла инанашьҭит COVID – 19 агәаҭаразы атестқәа зқьыла, ареспираторқәа, ахәшәқәа. Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара атәы ҳвидеонҵамҭаҿы.