Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла иҿыцны 5 509-ҩык авирус рыдбалоуп

Иахьатәи аамҭа инақәыршәаны, Урыстәылатәи арегионқәа 85 рҿы зынӡа 834 499-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 509-ҩык авирус рыдбалоуп арегионқәа 84 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.

Авирус зыдбалаз рҟынтәи 24,7% аклиникатә ҟазшьақәа рныԥшуамызт.

Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 129-ҩык, ргәы бзиахеит 9 322-ҩык.

Зынӡа атәылаҿы COVID-19 иахҟьаны 13802 ԥсыҭбара азгәаҭоуп, 629 655-ҩык ргәы бзиахахьеит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ 71 чымазара хҭыс азгәаҭоуп. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахахьеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>