Раԥхьатәи аихшьалақәа: Аԥсны ахәбатәи ахада имшқәа шәкы рхаҿра

Sputnik

Аслан Бжьаниа Аԥсны хадас далхын 2020 шықәса хәажәкырамзазы. Уи аԥхьа имҩаԥган аҿагыларатә акциақәа, цәыббрамзазы имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәақәа иашам ҳәа иазгәаҭан, Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Хәажәкырамзазы имҩаԥган Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа дыриааиуеит, конкурентс диман уаанӡатәи аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аслан Бжьаниа официалла инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥымза 23 инакрны, имҩаԥгаз аинугурациа ашьҭахь. Аҭоубашьҭаҵара мҩаԥган ауаа рацәа адымгалакәа, усҟан Аԥсны иалагалаз акоронавируса аламырҵәаразы аԥкрақәа ирхьырԥшны.

Аԥсны ахада ҿыц Аслан Бжьаниа ҭоуба шьҭеиҵеит,  аԥыза-министрс дҟаиҵеит Александр Анқәаб, Аиҳабыра аструктура ҿыц шьакәирӷәӷәеит , акоронавирус инадҳәаланы атәылаҿ иалагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аԥихит, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркразы иҟоу аԥкрақәа ирыциҵеит, Москваҟа изныкымкәа усутә ныҟәарала дцеит - абарҭқәа зегьы мшышәк ирҭагӡаны.

 

 

1 / 14
Ҳаџьымба имаҵура шаанижьуа азы арзаҳал иҩит ажьырныҳәа 12 рзы, хымш раԥхьа излагаз аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь, уи  аԥхьа аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит цәыббрамзазы имҩаԥгаз Атәыла ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәандоуп ҳәа.
Афото аҟны: Аслан Бжьаниа ахада иусбарҭа ахыбра аԥхьа.
2 / 14
Хәажәкыра 22 рзы имҩаԥган Атәыла ахада иалхрақәа. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа рҿы даиааиуеит.
3 / 14
Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 рзы, Аҟәа.
4 / 14
Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба Аслан Бжьаниа инапаҿы ииркит аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа.
5 / 14
Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра апарад далахәын Москва.
6 / 14
Аслан Бжьаниа Аиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин.
7 / 14
Урыстәылеи, Аԥсни, Таџьыкисҭани, Молдавиеи, Белоруссиеи рхадацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
8 / 14
Аԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
9 / 14
Бжьаниа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит.
10 / 14
Ԥхынгәы 20 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа дидикылеит.
11 / 14
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа еицырдыруа акаҳуажәырҭа "Брехаловка" даҭаауеит лассы-лассы.
12 / 14
Ԥхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалла атәыла ахадас дҟалеижьҭеи раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥигеит. Уахь инаԥхьан Аԥсны АИХқәа зегьы. Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аицәажәараан Бжьаниа 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит: апандемиеи аекономикеи инадыркны ԥхьаҟатәи аамҭақәа рылацәажәараҟынӡа.
13 / 14
Атәыла ахадеи ажурналистцәеи реиԥылараан еиуеиԥшым ахырхарҭала аинформациа иалацәажәан. Иара убри аан аҭыԥ аман алафгьы.
14 / 14
Аслан Бжьаниа – 1994 шықәса инаркны Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны ахәбатәи атәыла ахада иоуп.