Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит аҿар рзы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа раҭаара шеиҿкаахо

Аҟәа ахадара Аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҿар рзы аекскурсиа шымҩаԥгахо, уи рхы аладырхәыр шрылшо атәы.
Sputnik
Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит аҿар рзы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа раҭаара шеиҿкаахо

"Нанҳәа 9 рзы ҳгәы иҭоуп аҿар рзы аекскурсиа аиҿкаара. Уи хәыда-ԥсада иҟалоит. Аекскурсиа иазку апроект егьырҭ ашықәсқәа рзгьы имҩаԥаҳгон. Асабшеи амҽышеи агәаҳәара змаз аҿар ныҟәаҳгон Аԥсны азҿлымҳара зуҭаша аҭыԥқәа рахь. Сынтәагьы ари ауснагӡатә иацаҳҵарц ҳалшоит, мызкахьы знык ҳәа иазгәаҳҭоит", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Лара убасгьы еиҭалҳәеит раԥхьатәи аекскурсиа ахьымҩаԥгахо, шаҟаҩы рҭыԥ ыҟоу, уи аҿар рхы аладырхәыр шрылшо атәы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: