Арадио

Бебиа исасааирҭаҟны аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы: аҭагылазаашьа шыҟало сахәаԥшуеит

Очамчыра ақалақь аҿы иҟоу асасааирҭақәа руак аԥшәма Маврики Бебиа арадио Sputnik аефир ала ицо арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит асасааирҭаҟны аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазыхиоу.
Sputnik
Бебиа исасааирҭаҟны аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы: аҭагылазаашьа шыҟало сахәаԥшуеит

"Аԥсшьаҩцәа рыдкылара макьана сақәшаҳаҭым, аҭагылазаашьа шыҟало сазԥшуеит, аҳәааҟны арахь иҭало шгәарҭо сахәаԥшуеит. Уаҟа аҭагылазаашьа маншәаланы, ибзианы ицо иалагар, усҟан исыдыскылоит. Азыҳәақәа рацәаны иҟоуп, иҳадҵаало, аха макьаназы ауаа рыдкылара сгәы иҭаӡам", - иҳәеит Бебиа.

Иара иазгәеиҭеит асасааирҭа аусзуҩцәа еилкаарала ишазнеиуа ари аҭагылазаашьа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: