Арадио

Ҭарба "Кавказ" аконцерт азы: акәашарақәа ҿыцрақәак рылаҳгалеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы нанҳәа 4 рзы ансамбль "Кавказ" хәыда-ԥсада аконцерт мҩаԥнагоит. Ари амш залхыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, Жәлар рартист Арвелод Ҭарба.
Sputnik
Ҭарба "Кавказ" аконцерт азы: акәашарақәа ҿыцрақәак рылаҳгалеит

"Аконцерт ари амш азы иалкааны изазгәаҭоу, 1994 шықәса нанҳәа 4 рзы раԥхьатәи аҽазыҟаҵара ҳаналагаз ауп. Ансамбль аиҿкааразы раԥхьатәи ашьаҿа аныҟаҵаз ауп амза 4. Ижәдыруеит, акоронавирус ҟалеижьҭи аконцерт џьаргьы имҩаԥаҳамгацт, аҽазыҟаҵарақәа ракәзар рашәара ҩба рзы ауп ҳанрылагаз. Апрограмма еиқәҳаршәеит, аконцерт дҳарбар ҳҭахуп. Уи ашьҭахь иҳамоуп араионқәа рахь ақәгыларақәа, амза 7 рзы Гал имҩаԥаагоит, 11 рзы –Тҟәарчал, нанҳәа 13 рзы- Очамчыра, амза 18 рзы Гәдоуҭа. Аконцертқәа ҳауаажәлар хәыда-ԥсада идҳарбоит", - иҳәеит Ҭарба.

Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" Аҟәа ақәгылара мҩаԥнагоит асааҭ 19 рзы, нанҳәа 4 рзы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: