Арадио

Габлиа Гәылрыԥшь имҩаԥысуа афестиваль азы: ауаа рырлахҿыхра иазкуп

Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арубрика "Раионк аԥсҭазараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны иахьа еиҿкаахо афестиваль зызку, уи ахьымҩаԥырго атәы.
Sputnik
Габлиа Гәылрыԥшь имҩаԥысуа афестиваль азы: ауаа рырлахҿыхра иазкуп

"Ахәылбыҽха ахәыҷқәеи аҿари ирызку афестиваль алагоит, хьӡыс иамоуп "Аԥхын аԥштәқәа". Уи иалагӡаны имҩаԥысуеит ахәыҷтәы акәашаратә коллективқәа рықәгылара, ашәақәагьы нарыгӡоит. Ахәыҷқәа ргәы ҟазҵаша, изырлахҿыхша апрограмма еиқәыршәоуп. Афестиваль амҩаԥгара ҭыԥс иазалхуп Агәыӡера аҟәара. Уи иаҭаар рылшоит изҭаху зегьы хәыда-ԥсада", - иҳәеит Габлиа.

Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.