АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Шәача ақалақь ахадараҿы Шәача ахада Алексеи Копаигородски амчратә усбарҭақәеи атуристтә усхк анаплакқәеи алархәны Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿ аҭагылазаашьеи аҳәаахьчаратә ҭыԥ "Адлер" аусура аиӷьтәышьеи рзы аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит акурорт ахадара асаит.
Аиԥылараан иазааҭгылан аҳәаахьчаратә ҭыԥ "Адлер" ахь инеиуа амҩақәа рҿы ауаатәыҩсатәи автомашьынатәи гәаранқәа рыпроблема.
Аекскурсиақәа рхацыркра инадҳәаланы Алексеи Копаигородски иазгәеиҭеит аҽазырхиаратә режим аҭахрақәа ишрықәныҟәалатәу.
"Есыҽны атрафик шеизҳауа азгәаҳҭоит. Хымԥада, иқәныҟәалатәуп асабардақәа рныҟәгареи асоциалтә еицәыхарареи режим. Уи хра амоуп ачымазара аламырҵәаразы. Ауааԥсыреи асасцәеи идырдырлатәуп аҳәаа ахысраан Роспотребнадзор абжьагарақәа ишрықәныҟәалатәу", - ҳәа иҳәоит Копаигородски.
Ҩышықәса раԥхьа аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы иаартын атерминал ҿыц, ахылаԥшратә цәаҳәа, атәылауаҩшәҟәқәа ргәаҭара азона. Ҷыдала автобусқәа рымҩанысырҭа еиҿкаан. Арҭ алагалақәа иалдыршеит аушьҭралшара арҭбаара.
Шәача ақалақь ахадараҿы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысратә ҭыԥ "Адлер" ԥхьаҟатәи амодернизациа иалацәажәеит.