"Ахәышәтәырҭаҟны 36-ҩык шьҭоуп, урҭ рахьынтә хәҩык ахәыҷқәа роуп. Иуадаҩны ачымазара зхызго ҩыџьа ыҟоуп, қәрала аӡәы 60 ихыҵуеит, егьи - 64 шықәса. Уажәы ршоура ишьҭыҵыз ари ачымазара (акоронавирус - аред.) ауп изыдҳәалоу. Ахәыҷқәа хазы ранацәеи дареи ииаҳгеит, урҭ ргәабзиара уацәшәо иҟаӡам. Ахәшәқәа зегьы ирыхәҭоу ҳамоуп. Аусзуҩцәа рыла ауп аиашазы ҳзеиҵахоу. Ижәдыруеит Аҟәатәи аҩбатәи ахәышәтәырҭа шарку, аҳақьымцәа шычмазаҩхаз атәы. Гаграагьы шьҭа уамак ирҭахӡам арахь аара, избанзар ауадаҩрақәа рымоуп. Ара иҟоу ҳацәгьам, зегьы ҳаицхыраауеит, аха ҳамацара ҳамч зеибырхараны иҟаӡам… Амедицинатә усзуҩцәа ҳтахуп, аԥхьа иааит, иҳацхрааит, аха уажәы уамак ирҭахым, излаҳалшо ала ҳҽеидкыланы аибашьраан аус шаҳуаз еиԥш уажәгьы аҩныҟа ҳамцакәа аус ҳуеит. Исҭахуп, исҭахым ара иҟаӡам, ари џьармыкьаӡам, ҳахьцоз аусура закәыз ҳдыруан, ауаа урыхәароуп, ҳамгәамҵкәа ҳажәлар рымаҵ ҳуроуп", - лҳәеит Гәымԥҳа-Барзаниа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҳәаа аартреи Аԥсны агәабзиарахьчара аҭагылазаашьеи: Ҭамаз Ҵахнакьиа иҿцәажәара
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедиаҳәшьа: ачымазара агәра зымго ҳазлагылоу дырбатәын