Игәышьҭыхгоу аланарԥшыра: ансамбль "Кавказ" аконцерт шымҩаԥысыз

Sputnik

Ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамзазы иазгәаҭоуп Аԥсны аҩныҵҟа хәыда-ԥсада ансамбль "Кавказ" агастрольқәа рымҩаԥгара.

Аконцерт иазку ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра:

1 / 13
Нанҳәа 4 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит акарантиншьҭахьтәи аамҭазы ансамбль "Кавказ" раԥхьатәи аконцерт.
2 / 13
Адаул асыҩцәа ахәаԥшцәа дыршанхон, рнапы аусушьа, рыццакыратә елементқәа убла хыркуан.
3 / 13
Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба ишиҳәаз ала, апрограмма иалаз акәашарақәа аҿыцрақәа рылагалан.
4 / 13
Аконцерт рбарц иаҭааит ахәаԥшцәа рацәаҩны, аԥсшьаҩцәагьы уахь иналаҵаны.
5 / 13
Акәашацәа рҟазара уаршанхо иҟан.
6 / 13
Аԥсуа жәлар рыкәашарақәа егьырҭ ажәларқәа излареиԥшым рхатәы ҟазшьа, рхатәы ритм, рхатәы еиҿкаашьа рымоуп.
7 / 13
Иқәԥраауа асцена иқәлаз акәашацәа улаԥш рхьымӡо игьежьуан, ишьацәхартәуан.
8 / 13
Аконцерт арыцхә машәыршақә иалхымызт: абри аҽны 26 шықәса раԥхьа имҩаԥысит "Кавказ" раԥхьаӡатәи арепетициа.
9 / 13
Аконцерт аҟны аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵан.
10 / 13
Ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжьқәа еихсыӷьуамызт.
11 / 13
"Изларылшои абас ахәмарра, уамашәа избоит!" - лҳәеит аҳәаанырцәынтә ҳтәыла иаҭааз ируаӡәку аконцерт ахәаԥшҩы.
12 / 13
Жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" Кандид Ҭарба ихьӡ ахырҵеит 2017 шықәсазы.
13 / 13
Аҵыхәтәантәи акәашара ашьҭахь ахәаԥшцәа рахь дцәырҵит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, уи адиректор, "Ахьӡ-Аԥша" аорден 3-тәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рартист Арвелод Ҭарба.