Адлеиба аҳаԥы аҩныҵҟа ауаҩы иеиқәырхаразы: иаҳа иуадаҩуп, ҳақәымшәацт
© Sputnik
"Аҳаԥы аҩныҵҟа ауаҩы иеиқәырхара иаҳа иуадаҩуп аҟнытә аҽазыҟаҵара амҩаԥгара ахәҭаны иҳаԥхьаӡеит. Урыстәылантә иааз аиқәырхаҩи ҳареи ҳдыррақәа еилаҵаны аус мҩаԥаагеит. Ашахақәа реиқәыршәашьа, аҳаԥы аҩныҵҟа иҟоу ацәаакыра азгәаҭаны аҽазыҟаҵара ҳахысит. Уажәшьҭарнахыс џьара хҭыск ҟалар, иаҭаху зегьы иаадыруеит, ацхыраара иаҳҭартә еиԥш аҭагылазаашьагьы ҳамоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Адлеиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Очамчыра АҶА аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз атәы
- Шәхы лашәырҟәла: Отаԥтәи аҳаԥы сышҭалаз