Арадио

Арсалиаԥҳа ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" азы: ҳҟазара аӡыргара иацхраауеит

Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" акуратор Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мызкы аус зуаз ацәыргақәҵа аихшьаалақәа ҟалҵеит.
Sputnik
Арсалиаԥҳа ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" азы: ҳҟазара аӡыргара иацхраауеит

Аҟәа ақалақь амш азы иаатыз ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" шьақәгылан ХХ-тәи ашәышықәсеи ҳаамҭазтәии аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аҟәа иазку рҭыхымҭақәа 40 рыла.

"Ацәыргақәҵа хыркәшахеит, уи алҵшәақәа ртәы уҳәозар, мызкы иалагӡаны иара иаҭааит 2500-ҩык. Sputnik Аԥсны абзоурала еиҿкаан авидеоекскурсиа, уи ҳтәыла анҭыҵ избаз даара ирацәаҩуп. Ацәыргақәҵа аныҟаҳҵозгьы хықәкы хадас исымаз иахьынӡазалшо аудиториа арҭбаара, Аԥсны акультуратә баҟақәа рзы аинформациа зҭаху зегьы рҟынӡа инеирц ауп. Ацәыргақәҵаҿы, сара игәасҭеит, ахәаԥшцәа еиҳарак аҭоурых змоу аусумҭақәа ишрызхьаԥшуаз. Ҿыцбараха иаацәырҵит Анзор Агәмаа иусумҭақәа. Иахьа иҳаԥхаз асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа усҟак иҳазӡыргомызт азы, уигьы аҭоурых иаҩызоуп шьҭа, урҭгьы азҿлымҳара рыман. Ари ацәыргақәҵа традициахарцаз алшарақәа зегьы ыҟоуп, избанзар ирацәоуп Аҟәа иазку аусумҭақәа ахатәы коллекциақәа рҿы иҟоу, ирацәоуп агаллериаҿы иҵәаху. Аԥхын, аԥсшьаҩцәа раара аамҭа иақәыршәаны ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵа амҩаԥгара, уи ҳкультуреи ҳҟазареи рӡыргара иацхраауеит", - азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: