Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 267-ҩык авирус рыдбалоуп

Иахьатәи аамҭа инақәыршәаны, Урыстәылатәи арегионқәа 85 рҿы зынӡа 871 894-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 267-ҩык авирус рыдбалоуп арегионқәа 85 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.

Авирус зыдбалаз рҟынтәи 26,2% аклиникатә ҟазшьақәа рныԥшуамызт.

Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 116-ҩык, ргәы бзиахеит 7 331-ҩык.

Зынӡа атәылаҿы COVID-19 иахҟьаны 14 606 ԥсыҭбара азгәаҭоуп, 676 357-ҩык ргәы бзиахахьеит.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара хәажәкыра 11 рзы акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 пандемиоуп ҳәа ахырҳәааит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿавирус рыдырбалахьеит 109-ҩык, ргәы бзиахеит 37-ҩык, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>