Арадио

Барганџьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны шаҟа араса аҽаҩра иазыԥшу

Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа аҳәынҭқарраҟны шаҟа араса аҽаҩра иазыԥшу, ахаҭабзиара зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Барганџьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны шаҟа араса аҽаҩра иазыԥшу

"Араса атәыла анҭыҵ ианахырго ашәахтә аԥыхуп ҵыԥх аахыижьҭеи. Егьыс араса аҽаҩра 13 нызқь тонна рҟынӡа сынтәа иҟалоит ҳәа ҳазыԥшуп. Уи аҿыхра, аизгара, аҭира иалагахьеит. Араионқәа рҟны араса ахьрыдыркыло еиҿкааны ирымоуп, макьаназы ахә 60 мааҭ рҟынӡа ыҟоуп. Сынтәа аҽаҩра ҵыԥх аасҭа еиҳауп. Иҟоуп араса ахәшәтәра иахьахьӡаз, аҳәынҭқарраҟны аԥара аҟамзаара иахҟьаны ахәшәтәра иахьагхазгьы ыҟоуп. Араса ачымазара акит, ҳахьахьымӡаз. Аҽаҩра иҟоу 60 процент рҟынӡа араса бзиоуп ҳәа адырра ҳамоуп", - иҳәеит Барганџьиа.

Иара иазгәеиҭеит иахьа аҳәынҭқарраҟны азҿлымҳара шыҟоу ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаара аганахьала.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sрutnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: