"Иҟоуп хазы акурсқәа абызшәа дырҵаразы, уи аелементартә дырра рыҭара иазкуп. Иҟоуп акурсқәа ачынуаа рзгьы, иахьа амаҵурақәа ирхагылоу рзы. Иҟоуп хазы аусеилыргаратә шәҟәқәа рышьақәыргылара арҵаразы акурсқәагьы. Урҭ зегьы хаз-хазуп. Дара акгьы аанаҳкылаӡом, ҳашцац ҳцалоит, аха ҳалагеит ахәыҷқәа рыла. Ҩыџьара-хыџьара, Гагра, Гәдоуҭа амҩаԥгара иаҿуп. Ачынуаа рзы акурсқәа ахьалагаз ыҟоуп, аха иахьаанҿысызгьы ыҟоуп, избанзар, раԥхьаҟа ахархәара амоуашәа рбеит. Аусуеилыргара рзы акурсқәа еиҳа ихадароуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ачынуаа дара рзанааҭ ала акурсқәа мҩаԥаагоит, дара ишырҭаху иҟаҳҵоит, ртерминологиа ҭҵааны иҳамоуп ауниверситет аҿы, аекономика, азиндырра, адипломатиа, уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла иҳамоуп арҵаҩцәа иазыҟаҵоу, аха инеиуа рсиа ҳзышьақәмыргылеит, избанзар, ачынуаа акурскәа рахь анеиразы аамҭа рымам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Хагәышь.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Хагәышь ахатәы бызшәа арҿиара азҵааразы: аметодика ырмариатәуп
Хагәышь: аԥсышәала ицәажәо ақьаад ҳамамкәа аԥсуа ҳәынҭқарра ҳзыргылом