Арадио

Лацәышԥҳа еиҭалҳәеит Гал араион аҵарадырраҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

Гал араион аҵара аҟәша аиҳабы Асида Лацәышԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа араион аҟны иныҟәараан излацәажәоз азҵааракәа ртәы.
Sputnik
Лацәышԥҳа еиҭалҳәеит Гал араион аҵарадырраҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

"Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиеи ёхареи ёхаиқәшәара аибадырратә ҟазшьа аман. Ашкол анапхгареи иареи реиԥылараҿы иалацәажәан дара русураҿы ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы. Раԥхьа иргылан актәи араионтә ашкол аҿы иҟаӡам абҩарҵәыра аурок ахьымҩаԥыргаша аспортзал. Ишьҭыхын аԥсуа бызшәа азҵаара, аминистр иҳәеит, араион аҿы абызшәа адырра ашьҭыхразы иаҭаху зегьы анагӡара дшазыхиоу. Иазааҭгылан Аԥсны аҭоурых азҵаарагьы. Араион аҿы испециалистцәам атәыла аҭоурых ахьыддырҵо уи проблемоуп, ас еиԥш агәаанагара имоуп аминистргьы. Иалацәажәан ашколқәа рҭагылазашьаа, доусы ашкол аҩныҵҟа рхатә џьабаала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргозар, егьыс аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп", - еиҭалҳәеит Лацәышԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: