Минск иаанкылаз урыстәылатәи ажурналист Семион Пегов доушьҭуп

Ажурналист Семион Пегов Минск, нанҳәа 9 рзтәи аилаҩеиласрақәа раан дшаанкылаз атәы рылаирҵәеит "Комсомольская правда" акорреспондент Александр Коц.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Минск иаанкылаз урыстәылатәи ажурналист Семион Пегов азинеилагаҩцәа ахьҭаркуа Ацентр аҟынтә доушьҭуп, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Беларусь Telegram-канал.

Белоруссиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ адырра ҟаиҵахьан, Семион Пегов аҩаша аҩныҟа дхынҳәырц шилшо.

Белоруссиа алхрақәа мҩаԥысит нанҳәа 9 рзы. Алхырҭатә ҭыԥқәа шадыркызҵәҟьа, Минск зиншьаҭада аҿагыларатә акциақәа ирылагеит Белоруссиа ақалақьқәак рҿы.

Ажурналист Семион Пегов Минск дааныркылеит нанҳәа 9 ауха. "Комсомольская правда" арратә корреспондент Александр Коц иӡыригеит
Пегов дшааныркылоз акадырқәа.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иақәыӡбоит Белоруссиа ажурналистцәа раанкылара

Белоруссиатәи амчрақәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит RT, МИА "Россия сегодня" рредактор хада Маргарита Симониан. Лара Белоруссиа аиҳабыреи ҷыдала Александр Лукашенкои рахь ааԥхьара ҟалҵеит Семион Пегов дызлоу иаанкылоу ажурналистцәа рхы иақәиҭыртәырц.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Белоруссиа амчрақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Минск имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа раан иаанкыло ажурналистцәа рхы рақәиҭтәразы.

Семион Пегов – апоет, урыстәылатәи афедералтә телеканалқәа рырратә корреспондент, апроект WarGonzo аиҿкааҩ. Диит 1985 шықәса рзы. Иҩымҭақәа кьыԥхьын альманахқәа "Под часами", "Персона", "Современники". Пушкин ихьӡ зху афестиваль "С веком наравне-2008" алауреат, ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа р-Форум "Липки-2011"алахәыла. Семион Пегов 2008 - 2013 шықәсқәа рзы Аҟәа, ателекеилахәыра "Абаза-ТВ" аҟны аус иуан, "Нужная газета", "Чегемская правда", "Новый день" иҩымҭақәа ркьыԥхьуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: