"XXI ашәышықәсазы ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа, аҳәынҭқарра ахьӡи аҳаҭыри лазырҟәуа акакәны иҟоуп. Аинтернет аҟны иаҳбо авидеонҵамҭақәа ақәыӡбара акәым, хаҭала згәы иалсыз рацәаҩуп, уи рбеижьҭеи Аԥсны ажурналистцәа реидгылахь аҭел иасуан, еилыркааз ажәабжь ҳзеиҭарҳәон. Ҳара ари ахҭыс ҳакәыӡбеит, ааԥхьарагьы ҟаҳҵеит белоруссиатәи аҳәынҭқарра анапхгареи белоруссиатәи ажурналистцәеи рахь ауаа раужьразы. Ииҩбахаз - хаҭала издыруаз ажурналистцәа рахь аҭел ҳасны агәҭынчымра ааҳарԥшит. Алхра аламҭалази алхра ашьҭахи еснагь адунеи аҿы иаҳбац аибырххарақәа ыҟоуп, аха уи ахҭысқәа имҩаԥысуа ауаа иреилзыркаауа ажурналистцәа рахь амч ахархәара, хаҭала Семен Пегов иҭагылазаашьа, ихдырра ицәыӡыртә аҟынӡа инагара, ари аҳәынҭқарра зырԥхашьо ҳҭысуп", - азгәеиҭеит Ҳашыг.
Белоруссиатәи амчрақәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит иара убас RT, МИА "Россия сегодня" рредактор хада Маргарита Симониан. Лара Белоруссиа аиҳабыреи ҷыдала Александр Лукашенкои рахь ааԥхьара ҟалҵеит Семион Пегов дызлоу иаанкылоу ажурналистцәа рхы иақәиҭыртәырц.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иақәыӡбоит Белоруссиа ажурналистцәа раанкылара
Семион Пегов дахьыҟоу еилкаахеит