Аилаҩеиласреи аидысларақәеи: Минск имҩаԥысуа аиҿагыларақәа аҩбатәи амш

Нанҳәа 9 рзы Минск алхырҭатә ҭыԥқәа анадыркы ашьҭахь закәаншьаҭддатәи аҿагыларатә акциақәа ирылагеит.
Sputnik

Белоруссиа аҳҭнықалақь аҟны ҩымш ҵуеит зиншьаҭада аҿагыларатә акциақәа ирылагеижьҭеи, акциақәа ирылахә ахада иалхрақәа рылҵшәақәа иазыразым. Александр Лукашенко 80% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит. Аҿагылара ҟазҵози азинхьчаратә органқәа русзуҩцәеи еиҿанагалеит. Минск агәҭа абаррикадақәа ргылан. Амилициа рхы иадырхәеит аӡыршәгақәа, агаз. Иҟоуп ааха зауны ахәышәтәырҭахь инанагаз. Минск агәҭа еизаз иаанкылоу ауаа амилициаа ирыцрырҟьарц рҽазыршәеит. Азинхьчаҩцәа ражәақәа рыла аӡәы дҭахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: