Путин: адунеиаҿ раԥхьа ашәҟәы иҭагалоуп урыстәылатәи алаҵа

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко уаанӡаа ҳәамҭа ҟаиҵахьан массала алаҵаҟаҵара жьҭаарамзазы иазыԥхьагәаҭоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла иҭрыжьыз акоронавирустә инфекциазы алаҵа адунеи аҿы раԥхьа ашәҟәы иҭаргалеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Акоронавирус шьақәзыртәо раԥхьатәи урыстәылатәи алаҵа хиоуп

"Иахьынӡаздыруа ала иахьа ашьыжь раԥхьаӡа акәны ашәҟәы иҭагалан акоронавирустә инфекциа иаҿагыло раԥхьатәи алаҵа", - иҳәеит Путин аиҳабыра алахәылацәеи иареи реиԥылараан.

Уи адагьы иара иҳәеит иԥҳа лхазы алаҵа шыҟалҵаз.

"Актәи агәыр ашьҭахь лшоура 38 ихалеит. Аҩбатәи агәыр ашьҭахь 37 рҟынӡа иҩеит, нас иеиԥхьбеит" ҳәа Путин иажәақәа аанагоит Telegram-канал RIA_Kremlinpool.

Алаҵа аклиникатә ԥышәара мҩаԥган Сеченов ихьӡ зху ауниверситет аҿы рашәара 18 рзы. Аԥышәарақәа мҩаԥнагон Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рмилаҭтә ҭҵааратә Центр.

Алаҵа аҭҵаара иалахәын хатәгәаԥхарала 38-ҩык. Дара зегьы аҿкчымазара аганахь ала аиммунитет роуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: