Арадио

Жьиԥҳа Гагра араион ауааԥсыра аҿкы рҽацәыхьчаразы: аԥҟарақәа ирықәныҟәом

Ажурналист Саида Жьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Гагра араион аҿы ачымазара ҿкы акороновирус ауааԥсыра рхы шацәырхьчо, насгьы акурорттә қалақь аҟны ирацәоума аԥсшьаҩцәа.
Sputnik
Жьиԥҳа Гагра араион ауааԥсыра аҿкы рҽацәыхьчаразы: аԥҟарақәа ирықәныҟәом

"Гагра араион аҿы аԥсшьаҩцәа рганахьала аҭагылазаашьа хар амаӡам ҳәа азуҳәар алшоит, сара ақалақь аҿы инхо иаҳасабала имаҷны избоит ҳәа сҳәар сылшоит, аха агәҭычымра сымоуп избанзар, асассаирҭақәа рҿы аҿкы аҽацәыхьчаратә маҭәарқәа ныҟәыргаӡом, иара адәқьанқәа рҟны аӡәык-ҩыџьак рыда ус инеиԥынкыланы ԥҟарак еиԥш ишьақәыргыланы аӡәгьы дацныҟәом. Иҟоуп аҭыԥантәи анхацәа, абжьааԥны аԥсшьаҩцәа здызкылоз, уажәы ишәаны урҭ мап рцәыркуеит. Акаҳуажәарҭақәа зегьы русура хацдмыркит, мызкы-ҩымз рзы иманшәалаӡам аиҿкаара, убри аҟнытә сынтәа иаангылеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Жьиԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.