Арадио

Ажьиԥҳа аибашьра агәалашәарамш азы: есышықәса ишыҟаҳҵалац еиԥш изыҟалаӡом

Тҟәарчал араион акультура аҟәша аиҳабы Рита Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит нанҳәа 14, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аналага амш иазкны иазгәаҭан ирымоу аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Sputnik
Ажьиԥҳа аибашьра агәалашәарамш азы: есышықәса ишыҟаҳҵалац еиԥш изыҟалаӡом

"Ашьыжь асааҭ 11 рзы, Владислав Арӡынба ибаҟаҿы ишьҭаҳҵоит ашәҭқәа, анаҩс амемориалтә комплекс аҿгьы ус. Афырхацәа раллеиаҿы имҩаԥгахоит амитинг. Аусмҩаԥгатә еиҿкаахоит амузеи аусзуҩцәа рыла. Ҳәарада, ачымазара иахҟьаны зхы алазырхәуа рхыԥхьаӡара маҷхоит, есышықәса ишыҟаҳҵалац еиԥш изыҟалаӡом, аха иагьа ус иҟазаргьы, ҳақалақь ахышәы-ҵышәа уиаҟара идууӡам азы аигәныҩра иаҳа имариоуп егьырҭ ақалақьқәа рҿы аасҭа. Ҳара аусбарҭақәа зегьы ҳасны ирылаҳҳәоит еиҿкаахо аусмҩагатә атәы. Ҳгәы ҳнархьуеит ауаа рхыԥхьаӡара ахьмаҷхо, аха арыцхә азгәаҳамҭаргьы ауам", - ҳәа еиҭалҳәеит Ажьиԥҳа.

Тҟәарчал Афырхацәа рмузеи есыҽны еиԥш иаартхоит, изҭаху зегь уи иааҭартә еиԥш алшара роуеит ҳәа азгәалҭеит араион акультура аҟәша аиҳабы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.