Арадио

Аҩӡба Аҟәатәи аҩы зауад иҭнажьуа аалыҵ армаҷразы: уамак ԥырхага ҳауам

Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит азауад иҭнажьуа аалыҵ ахыԥхьаӡра ари аԥхын ҵыԥхтәи иаҿырԥшны иахьынӡагхаз атәы.
Sputnik
Аҩӡба Аҟәатәи аҩы зауад иҭнажьуа аалыҵ армаҷразы: уамак ԥырхага ҳауам

"Мызкы аҟара аус ҳуамызт, анаҩс азин анҳарҭа ҳалагеит. Уажәы ԥаса еиԥш аус ҳуам, избанзар Урыстәылагьы ҳара ҳаҩқәа рымацара ракәӡам иҟоу, уаагьы аҭирақәа иаҳа имаҷхеит, убри аҟынтә хәыҷык иҳармаҷит иҭхажьуа аҩқәа. Дара иҟарҵо аҿаҵатәы инақәыршәаны аҩқәа ҳашьҭуеит урыстәылаҟа. Егьыс азауад аҟны зегьы аус шыруц ируоит, ауалафахәы шроуц ироуоит. Ҳаҩқәа шцац Урыстәылаҟа ицоит, амала ҵыԥх аасҭа еиҵахоит, иҟалап хԥаҟа миллион ԥаҭлыка рҟынӡа", - иҳәеит Аҩӡба.

Убри аан иара иазгәеиҭеит ари ахыԥхьаӡара шмаҷымгьы азауад аусура ԥырхага уамак ианаҭуам ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: