Арадио

Арсҭаа аԥсшьарҭаҩны "Ауадҳара" аусуразы: аҭыԥқәа ззымхаз рацәаҩуп

Аԥсшьарҭаҩны "Ауадҳара" аиҳабы Асҭан Арсҭаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа апансионат аҿы зыԥсы зшьо ауаа ахьынӡарацәоу, насгьы иарбан еиҭакрақәоу егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны уаҟа имҩаԥысыз.
Sputnik
Арсҭаа аԥсшьарҭаҩны "Ауадҳара" аусуразы: аҭыԥқәа ззымхаз рацәаҩуп

"Сынтәа апансионат ахь иаауа рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәоуп, егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны аҭыԥқәа ззымхазгьы иаҳа ирацәаҩуп. Апансионат аусура иалагеит ԥхынгәымзазы, уигьы ҳлакҩакуан. Зны иааҳартит хә-ҩык рҭыԥ змоу аҩнеихасақәа жәаба, нас иасуаз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара анырацәаха, ԥшьеихагылак змоу асасааирҭагьы ааҳартит. Убри аахыс апансионат 80-85% иҭәуп. Иааиуа еиҭа 15 мшы аҭыԥқәа зегьы аанкылоуп. Егьыс сынтәа анхашәа-ачашәа иадҳәаланы ҿыц акгьы ҟаҳамҵеит. Ирацәаҩуп апансионат акәша-мыкәша апалаткақәа ргыланы зыԥсы зшьо, иара ауаагьы идыргыло иалагеит аҩнқәагьы, еснагь ицо-иаауа рацәаҩуп. Егьырҭ ашықәсқәа рзы иҳаман аҭагылазаашьа аԥсшьаҩцәа ҳадкылара, сынтәа ус иҳалымшеит ара зыԥсы зшьо зегьы аҭыԥантәи ауааԥысра роуп. Апалаткақәа ракәзар, урҭ рҿгьы зыԥсы зшьо ҳтәылауаа роуп, ари ачымазара иахҟьаны иҟалап ус ала ауаа рхы рыхьчозар", - еиҭеиҳәеит Арсҭаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: