Асабрадақәа рыда иҟалом: шәачатәи автобусқәа рҿы аԥҟара ҿыцқәа аларгалеит

Краснодартәи атәылаҿацә ахада Вениамин Кондратиев арегион аҿы нанҳәа 21 рҟынӡа ҩаӡара ҳаракыла азыхиазаара арежим иациҵеит, "аҭагылазаашьа ахы азоужьра макьана иҟалом" ҳәа азгәаҭаны.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Шәачатәи автобусқәа рныҟәцаҩцәа амедицинатә сабрадақәа ма аԥсыԥ лагаҩагаратә цәеижьхәҭақәа зыхьчо даҽа хархәагак зҿам апассаџьырцәа ақәдыртәалаӡом нанҳәа 19 инаркны, абри атәы аанацҳауеит Шәача АУН "Шәачаавтотранс".

Ари аҩыза аԥҟара аларгалеит Роспотребнадзор иҟанаҵаз адҵа инақәыршәаны. Шәача автотранспорттә наплакқәа рырныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи асабрадатә режим иқәымныҟәар, урҭ анаплакқәа Роспотребнадзор ианаркуеит ҿҳәарала 90 мшы ҳәа.

Краснодартәи атәылаҿацә ахада Вениамин Кондратиев ауаажәларратә ҭыԥқәа, азеиԥш хархәаратә транспорт убрахь иналаҵаны, рҿы аԥсыԥ лагаҩагаратә цәеижьхәҭақәа зыхьчо хаҭалатәи ахархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа, ареспираторқәа) рныҟәгара ҭакԥхықәрас ишрыдиҵо азы ақәҵара инапы аҵаиҩит.