Арадио

Кәыҵниа: амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" аҟны ҳаанымгыларц сгәы иҭоуп

Асахьаҭыхыҩ, амультфильмқәа раԥҵаҩы Асҭамыр Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит инеиҵыху аԥсуа мультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" аӡыргара ишазхиоу.
Sputnik
Кәыҵниа: амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" аҟны ҳаанымгыларц сгәы иҭоуп

Нанҳәа 27 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҟны иӡыргахоит аԥсышәала иаԥҵоу амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара". Аӡыргара мҩаԥгахоит асааҭ 17:30 рзы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.

"Амультфильм ҟаҵаны ҳалгеижьҭеи 3-4 мзы ҵуеит шьҭа, уи аԥхьа аӡыргаразы алшара ыҟамызт ахҭысқәа иҟалаз ирыхҟьаны (апандемиа- аред.). Ари инеиҵыху раԥхьатәи проектуп, аџьабаа рацәаны иаман. Араҟа аҟазацәа аҭахуп адунеи аҟны иҟарҵо идуу амульфильмқәа реиԥш уалагозар. Зынӡа иаҳзеиҵымхзаргьы егьырҭ амультфильмқәа иахьреицәам, џьара - џьара еиӷьны иалҵзаргьы ауеит. Амультфильм 17 минуҭ ицоит. 2009 шықәсазы иҭыҵхьаз акомикс Абраскьыл дзықәшәаз хҭыск иааркьаҿны иаҳәоит, уи атәы ззымдыруа ахәыҷқәа еилыркаартә еиԥш амультфильм асиужет иаларгыланы иҟаҳҵеит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: