Арадио

Атәанчаҩы аԥҟара ҿыц ала атәанчахәы ашәаразы: ақыҭахь инаргалар бзиан

Иарбан уадаҩрақәоу атәанчаҩцәа атәанчахәы аԥҟара ҿыцқәа рыла амхразы ирызцәырнаго, насгьы уи аиура дара иаҳа ишԥарзыманшәалахоз, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Ԥақәашь ақыҭан инхо атәанчаҩы Асҭамыр Гындиа.
Sputnik
Атәанчаҩы аԥҟара ҿыц ала атәанчахәы ашәаразы: ақыҭахь инаргалар бзиан

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк урыстәылатәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит абанкқәа рҟны, атәанчаҩцәа аҵыхәтәантәи рышәҟәҭагалара инаркны закәаншьаҭада 17 миллион аԥара ахьшәаз инамаданы. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Абыхәба уи аԥхьа адырра ҟаиҵахьан алагала ҿыц азы шеицырыӡбаз Урыстәыла Атәанчахәытә фонди Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи.

"Сара амашьына сымам Очамчыра саарцаз, амашьына қьырала изгароуп исоуа атәанчахәгьы уахь иагоит. Убри азы аурыси аԥсуеи атәанчахәы ԥыхьа ишыҟаз еиԥш акарта иҭаҵаны ақыҭахь инаргалар бзиан. Очамчыра уанааилакгьы агәаран иқәгылароуп, ақьаадқәа хаурҭәаароуп, уи аамҭа маҷ агом. Иара уигьы уаамҭа ааиуа имааиуа уздырӡом. Агәраргага акәзар, ақыҭа ахада изыҟаҵозҭгьы бзиахон, анотариус уишьҭалан Очамчыра дзаауазҭгьы, атәанчахәы амхрагьы даауан атәанчаҩы", - иҳәеит Гындиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: